Болгариа ааглыхыҩцәа мақарит агаз ахә халар аҿагыларақәа шымҩаԥырго азы

Мшаԥы 27 азы "Газпром" официалла алаҳәара ҟанаҵеит Польшеи Болгариеи рахь агаз анашьҭра ишаҟәыҵуазы. Мзызсгьы иамоуп арҭ атәылақәа агаз ахә мааҭла ашәара мап ахьацәыркыз.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Болгариа ааглыхыҩцәа мақарит агаз ахә халар аҿагыларақәа шымҩаԥырго азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости болгариатәи арадиостанциа BNR адыррақәа шьаҭас иганы.
Афымцамч ааглыхратә хархәаҩцәа Болгариатәи Рфедерациа (BFIEC) адиректор хада Иваило Наиденов иажәақәа рыла афабрикақәеи азауадқәеи мшаԥымзаз иршәоз еиҳаны афымцамч ирзахшәаауам.
"Усеиԥш анакәымха аусурҭақәа рнапхгаҩцәа реиҿкаарақәа ишырҳәо ала аҿагыларақәа мҩаԥгахоит", - ҳәа иҳәеит Наиденов.
Агази афымцамчи рыхә иалацәажәараны иҟоуп Болгариа анаплакҩцәа рхаҭарнакцәеи атәыла аԥыза-министр Кирилл Петкови.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Макрон: Европа урыстәылатәи агаз аҟамзаара закәу аӡынра ианырраны иҟоуп
Мшаԥы 27 азы "Газпром" официалла алаҳәара ҟанаҵеит Польшатәи аилахәыра PGNiG Болгариатәи аилахәыра "Булгаргази" рахь агаз анашьҭра ишаҟәыҵуазы. Мзызсгьы иамоцо арҭ атәылақәа агаз ахә мааҭла ашәара мап ахьацәыркыз. Уи адагьы зинда ахԥатәи атәылақәа рахь иго агаз (Польшеи Болгариеи – транзиттә ҳәынҭқаррақәоуп) иахырхыр, атранзит аанкылахоит.
Агаз ахә ԥарала ахшәаара Абанк хада аҳәаанырцәтә резервқәа рырбаандаҩреи адоллари аеврои мап рыцәкреи ирыхҟьеит.