Арадио

Ԥлиаԥҳа Ереван аҿагыларатә акциазы: амчра знапы иакуи ажәлар рҭахрақәеи еиқәшәаӡом

Аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа Ермантәыла имҩаԥысуа аҿагыларатә акциақәа ахҳәаа рылҭеит.
Sputnik
Лаҵара 2 азы Ереван шьыжьнаҵы аоппозициатә мчқәа еиҿыркааз аҿагыларатә акциа хацыркхеит, дара дҵаны иқәдыргылоит аԥыза-министр Пашиниан иԥхьатәара.
Ермантәылатәи аполициа Ереван аҿагыларатә акциа алахәылацәа 199 -ҩык ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Армениа амчратә усбарҭа апресс-маҵзура шьаҭас иганы.
"Ермантәыла иқәынхо ажәлар хазы иҟалеит, аиҳабыра хазы иҟалеит. Реимадара даара имаҷхеит. Аусурҭа ҭыԥқәа ыҟам, уажәы ахәқәа зегьы ирыцлеит. Ҳәарада уи агәынамӡара цәырнагоит. Амчрақәа зегьы знапы иакуи ажәлар рҭахрақәеи еиқәшәаӡом зынӡаск. Хымԥада, Ермантәыла Америка даара иазааигәоуп. Уажәазы рыбжьы ыҟамзаргьы, ҵаҵӷәыс иамоу дара роуп ҳәа уҳәар ҟалоит", - ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.