Путин Урыстәыла иаҩызам атәылақәа аекономикатә уснагӡатәқәа рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит

Аусԥҟа азин ҟанаҵом урыстәылатәи асанкциақәа ирыҵаркуа аиурист хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи аус рыцура.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3– Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин атәыла иаҩызам егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи аиҿкаарақәеи рганахь аекономикатә уснагӡатәқәа рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы.

Аусԥҟа аҳәаақәа ирҭагӡаны афедералтәи арегионалтәи амчрақәа, иара убасгьы Урыстәыла анапаҵаҟа иҟоу аиурист хаҿқәеи ахатәхаҿқәеи урыстәылатәи асанкциақәа ирыҵаркуа ахаҿқәеи аиҿкаарақәеи аус рыцура азин ыҟам, адәныҟахәаахәҭратә еилаӡарақәагьы налаҵаны.

Уи адагьы хыхь иарбоу аиҿкаарақәеи ахаҿқәеи азин роуам имҩаԥгоу аилаӡарақәа рыла ахыдҵақәа рынагӡара, иҩыза-тәылам афеида рызҭо афинанстә операциақәа рымҩаԥгара.
Арахь иаҵанакуеит асанкциатә хаҿқәа рыфеидаз Урыстәыла иалырго аалыҵи аӡеи.
Жәамш рыҩнуҵҟа аиҳабыра иазнархиоит асанкциақәа ирыҵанакуа ахаҿқәа рсиа.
Путин аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла акибершәарҭадара аԥҵаразы
Украина арратә операциа ианалага инаркны Урыстәыла аганахь ала ЕАА ахадарала мраҭашәаратәи атәылақәа рҟынтәи асанкциақәа жәпакы алагалоуп аекономикеи абанктә усхки реилажьразы. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ари аҩыза ҳазыҟаҵан ҳәа иҳәеит.
Урыстәыла мраҭашәаратәи атәылақәа имҩаԥырго економикатә еибашьроуп ҳәа ахырҳәааит, аҭак уснагӡатәқәагьы рыдыркылеит.