Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габлиа Аиааира Ду амш Гәылрыԥшь ишазгәарҭо атәы

Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра сынтәа араион аҟны ишазгәарҭо атәы.
Sputnik
Гәылрыԥшь араион аҟны аныҳәа иазку аусмҩаԥгатәқәа азгәаҭоуп лаҵара 6 рзы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ишьҭарҵоит ашәҭқәа, имҩаԥгахоит амитинг. Ахәылбыҽха асааҭ 17 рзы акультура ахан аҟны аконцерт мҩаԥгахоит, убасгьы асалиут азгәаҭоуп. Лаҵарамза 7 рзы араион аҟны инхо аибашьра аветеранцәа ирҭаауеит. Убасгьы аҳҭнықалақь аҟны еиҿкаахо аныҳәатә уснагӡатәқәа рхы рыладырхәуеит гәылрыԥшьаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.