Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи "Ониксқәа" Одесса иахьаҵанакуа аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа ааха рырҭеит

Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда ахықәкқәа иреиуоуп аӷа ирратә лшарақәагьы рырԥсыҽра.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik. Урыстәыла Арбџьар мчқәа рракетақәа "Оникс" рыла Американтәи Европантәи иаашьҭу абџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Урыстәылатәи "Ониксқәа" Одесса иахьаҵанакуа аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа, арратә аеродром алогистикатә центрқәа ааха рырҭеит. Аҳаирпланказармақәа рҿы игылан аԥырҩы дызҭам аппаратқәа "Байрактар ТБ2", ишьҭан Американтәи Европантәи иаашьҭу абџьари аџьаԥҳани", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусбарҭа иара убасгьы аҳәамҭа ҟанаҵеит лаҵара 2-3 ауха ракетала ааха шрыҭаз Украина арратә хыбрақәа фба, анапхгараҭаратә ҭыԥ, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, арратә техникеи аргыларҭақәа ԥшьбеи.
Атәылахьчара аминистрра иазгәанаҭеит аракетатә ар ишҭадырхаз 81-тәи аеромобилтә бригадеи 77-тәи аҵакыратә ҽыхьчара абригадеи рнапхгараҭаратә ҭыԥқәа, ЗРК С-300.
Белгородтәи аобласт аҟны иҟаз арратә ргылара амца акит
69 хырӷәӷәарҭеи ари арратә техника ргыларҭеи ҭанархеит аоператив-тактикатә авиациа, артиллериатә ар иҭадырхеит 54 украинатәи артиллериашьақәгыла, 38 хырӷәӷәарҭа, 195 ари атехникеи. Аусбарҭа адыррала артиллериа иҭанархеит 230-ҩык амилаҭеилыхыҩцәеи, 52 ак арратә бџьари атехникеи.
Аҳауахьчаратә хархәагақәа уахык иалагӡаны иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 6, абаллистикатә ракета "Точка-У", асистема "Смерч" ареактивтә хеиҵаҵа.
Украина арратә операциа мҩаԥысуеижьҭеи ҩымз ирықәуп. Иалахәу архәҭақәа зегьы рнапынҵақәа нарыгӡоит аӷа ирратә техникеи иинфраструктуреи рҭархаразы, Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчаразы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа "Азовсталь" азааигәара аибашьра ааныркылоит