Арадио

Ашәуа ахҳәаа аиҭеит аибашьра аинвалид ицхрааразы асоциалтә ҳаҟны адырра

Аибашьра аинвалидцәа ргәабзиара ашьақәыргылараҟны инагӡаны ацхыраара роуама, насгьы уи зегьы ироуама, иҟоума мап зцәыркхьоу, изыхҟьои уҳәа азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
Sputnik
Асоциалтә ҳақәа рҟны ацәажәара зхылҿиааз аибашьра аинвалид ацхыраара иҭаразы аԥареизгаразы аҳәара ахҳәаа азиуит Аибашьра аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
"Иахьа уажәраанӡа иара (аибашьра аинвалид - азгәаҭа) иқәхарџьуп миллионки 300 нызқь мааҭ. Хымз-ԥшьымз раԥхьа апротезқәа ҩба ишьапқәа рҿы изыҟаҵан. Иахьазы асоциалтә ҳаҟны иҟоу апост аганахьала ҳара аӡәгьы дҳадымҵаалаӡеит, ианаҳба иџьаҳшьеит. Ара хҭыскгьы ҟамлацт, аӡәы ацхыраара иҭахны, мап ицәаҳкны. Ҵыԥх уажәаангьы иқәиргылеит абри аҩыза адырра, ҳашицхраауагьы абас еиԥш апостқәа ҟаиҵоит", - иҳәеит Ашәуа.
Иара иазгәеиҭеит иахьазы асиа иану аинвалидцәа рхыԥхьаӡара 2850-ҩык шыҟоу. Урҭ рахьынтә 30-ҩык ртәанчахәы аанкылан, даҽа 150-ҩык рҟынӡа рышәҟәқәа ирыхәаԥшуеит. Изыхәҭамкәа аибашьра аинвалид ҳәа ашәҟәы зауз русқәа рыхәаԥшра аԥхьаҟагьы иацҵахоит иҳәеит Ашәуа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.