Асоциалтә ҳақәа рҿы иӡыргаз авидеонҵамҭа кьаҿ аҿы Риҵа машьынала ихалаз аԥсшьаҩы иазгәеиҭеит "уажәшьҭа ҩажәа минуҭ ҵуеит ҳҭыԥ аҟынтәи ҳагьеиҭамҵит" ҳәа. Риҵа Амилаҭтә парк аҭаара абbлеҭ ахәԥса 700 мааҭ ыҟоуп. Ари амзазы Риҵа иаҭаауа рхыԥхьаӡара иаҳхысыз ашықәсқәа ирҿырԥшны изеиԥшроу, аҳәырԥсарра аҭалара ахә ахьышьҭыҵыз ишрыдыркыло уҳәа еиҭеиҳәеит Риҵатәи Амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа. Иара иазгәеиҭеит лаҵарамза 3 рзы зхатә машьынақәа рыла ихалаз аԥсшьаҩцәа шырацәаз, ахәылбыҽха асааҭ 17 рзы дара рхыԥхьаӡара 3 нызқьҩык иреиҳахахьан.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.