ААЕ омикрон-штамм ахкеиҵақәа ахьаарԥшу атәылақәа шырацәахаз атәы рҳәеит

ААЕ адыррақәа рыла акоронавирус чымазара еиҳа-еиҳа ихҽуеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара COVID-19 азтәи есымчыбжьатәи адырранҵа ишаҳәо ала омикрон-штамм аҵахкқәа ахьаарԥшу атәылақәа рацәахеит.

Иазгәаҭоуп омикрон ахкеиҵақәа BA.4, BA.5, BA.2.12.1 аԥхьатәи рҟазшьа ианырыртә аиԥш рыҽшеиҭаркыз.

Аиҿкаара адыррала мшаԥы 25 инаркны лаҵара 1 азы адунеи аҿы аҿкчымазара 17% илаҟәит, аԥсҭбарақәа ракәзаргьы 3% илаҟәит мшаԥы 18-24 иаҿырԥшны.
2022 шықәса лаҵара 1 азтәи аамҭаз адунеи зегьы аҿы ашәҟәы иҭагалоуп 500 миллион чымазарахҭыси ф-миллион ԥсҭбареи акоронавирус аҟынтә.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 рашәарамзазы иҵысыр ҟалоит рҳәеит