Адоллар 2020 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны 67 мааҭ рҟынӡа илаҟәит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Адоллар 2020 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны 67 мааҭ иаԥсахеит ҳәа азгәаҭоуп Москватәи абиржаҿы.
Америкатәи авалиута "уаҵәтәи" аҭирақәа рыла 4,66 мааҭк илаҟәны 66,3 мааҭ итәеит, евро – 4,31 мааҭ илаҟәны 70,44 мааҭ артәеит ҳәа азгәанаҭеит Москватәи абиржа.
Уи адагьы ахәаахәҭраан европатәи авалиута 2020 шықәсатәи еиҵаӡаз ахәԥса еиҭарҿыцит, 69,8 мааҭ шьақәнартәеит.
Убри аан анефҭ азы адунеитә хәԥсақәа ирызҳауеит Евроеидгыла урыстәылатәи аӡа аембарго ақәнаҵарц ахьаҭаху азы. Убас, Brent амарка иатәу анефҭ баррельк ахә 106,12 доллар рҟынӡа ихалоит, WTI — 103,67 доллар рҟынӡа.