Аԥсны

Аԥсны Асахьаҭыхымҭақәа рмилаҭтә галереиа аартхоит Аҟәа

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба 1999 шықәсазы асахьаҭыхымҭақәа рмилаҭтә галереиа аҭыԥ азалеихит Аҟәа, Пушкин имҩаҿы игылоу ахыбра, аха уи аахыс еиҭашьақәыргыламкәа ишыҟаз иаанхеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит хара имгакәа Аԥсны Асахьаҭыхымҭақәа рмилаҭтә галереиа ахыбра аҽшеиҭанакуа.

"Ҳара ҳагәы иҭоуп Асахьаҭыхымҭақәа рмилаҭтә галереиа аусура ахацыркра. Исҳәом иаарласны ишаҳҭаху аиԥш иаҳзыҟаҵап ҳәа, аха маҷ-маҷ аҭыԥ ишықәҵахо агәра згоит. Иҟалап, аԥхынраз агалереиа ахәҭак асасцәа аднакыло иҟалар", - иҳәеит Ақаҩба.

Ииасыз амчыбжь азы аминистрра ари ахыбра аҵакыраҿы арыцқьаратә уснагӡатәқәа мҩаԥнагеит. Аволонтиорцәа агәамсам еизыргеит, аҵиаақәа ықәыдрыцқьааит.