Аԥсны

Беслан Бигәаа Очамчыра араион ахада иҭыԥ аҿы деиҭашьақәыргылоуп

Беслан Бигәаа ажьырныҳәа 4 азы аҟәатәи ақьафурҭақәа руак аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс инадҳәаланы имҩаԥысуаз аусҭҵаара цонаҵы инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵеиҩыз аусԥҟа инақәыршәаны Беслан Бигәаа Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡара далагоит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ахада иара убасгьы инапы аҵеиҩит Очамчыра араион ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡоз Артемон Габелаиа урҭ анапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәызарц.
Беслан Бигәаа ажьырныҳәа 4 азы аҟәатәи ақьафурҭақәа руак аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс инадҳәаланы имҩаԥысуаз аусҭҵаара цонаҵы инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәын.
Аҟәатәи ААР ашьаусҭҵааратә Еилакы ашьаус хацнаркит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылан ажьырныҳәа 1 асааҭ 02:00 рзы асасааирҭа "Гаруда" аҵакыраҿы ақьафурҭа аҭааҩцәа аимак шрыбжьалаз. Анаҩстәи аисраан ахы иаахеит атәылауаҩ Ҵулукьиа Т. З.
Аԥсны
Беслан Бигәаа ақьафурҭаҿы иҟалаз ахысра ашьҭахь очамчыраа рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит