Ҳтәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа еснагь еиԥш уажәгьы азҿлымхара ду рымоуп. Иҳамоу аинформациала ҳазҭоу амза иалагӡаны ҵыԥх аасҭа еиҳаны иаҭааит Риҵатәи амилаҭтә парк. Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы Мирон Чалмаз арадиоефир аҿы иазгәеиҭеит Риҵатәи апарк еиԥш иҽхәаратәы иҟамзаргьы, арбагақәа шыбзиоу.
"Сынтәатәила иаахьеит 31 600-ҩык ауааԥсыра. Маи 1 инаркны 4 нӡа аҳаԥы иҭалахьеит 5 500-ҩык ауаа. Риҵеи аҳаԥаҿы иҟоу аҭагылазаашьақәеи еиԥшым. Аҳапы ауаа рацәаҩны изҭалаӡом. Макьана ҵыԥхи сынтәеи арбагақәа еиҩырго ыҟаӡам, ашықәс бзиахоит ҳәа сгәы иаангоит", - ҳәа иҳәеит Чалмаз.
Афонҿыцтәи аҳаԥы аиҳабы иҳәеит аҿкчымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа аныҟамло аамҭазы аусура иаҳа ишыманшәалахо атәы, иазгәеиҭеит ҵыԥх аамҭала аԥсыҽрақәа аныҟаз аамҭазы, ауаа рхыԥхьаӡара ишацлоз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.