Арадио

Габелаиа Очамчыра ақалақь иалоу арахә рзы: арадикалтә метод ада ԥсыхәа ҳамам

Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Артемон Габелаиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, ақалақь иалоу арахә ааигәа амшын аԥшаҳәаҿы еиҭаҳаз апальмақәа аԥхасҭа шрырҭаз, иара убас иазгәеиҭеит арахә азҵаара ҵарны ишықәгылоу.
Sputnik
Азҵаара еиуеиԥшым аметодқәа рыла аӡбара ҳалагахьан, аха рацәак алҵшәа амоуит ҳәа иҳәеит Габелаиа арадиоефир аҿы.
"Иџьаушьаша, ақалақь аҿы убри аҟара арахә рацәоуп, ақыҭаҿы уиаҟара иҟамзар ҟалап. Даара ирацәаны аԥхасҭа ҟарҵахьеит. Администрациа аусузуҩцәа рлаба кыдхны арахә ирышьҭоуп, аха уажәшьҭа арадикалтә методқәа ҳадҳамкылакәа еилкаашьа рмоуит ҳажәлар", - иҳәеит Габелаиа.
Габелаиа еиҭеиҳәеит шықәсык зны администрациа ахадара жәымз ауааԥсыра рырахә ҭакны ишрымаз, аха урҭ аӡәгьы дрышьҭалан дшымнеиз. Иҳәеит, ақалақь ахаҿсахьа аԥсахразы аҵиаақәа реиҭаҳара шырҭаху, уи азы арахә уа ишырҭыԥам.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.