Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ажәиԥшьтәи аизара ду аҟны ҩ-зҵаара хадак ықәгылан: аидгыла аҵыхәтәантәи хәышықәса аусура алҵшәақәеи, ахантәаҩ ҿыц иалхреи. Аизараҟны аиҳараҩык рыбжьы ирҭеит Вахтанг Аԥҳазоу, иара иааиуа хәышықәса Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла хантәаҩра азиуеит, аидгыла амаӡаныҟәгаҩс далхуп Даур Наҷҟьебиа. Ажурналқәа "Алашареи" "Амцабзи" рредакторцәас ишьақәырӷәӷәоуп Анатоли Лагәлааи Инна Аҳашԥҳаи.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.