Ԥшьымшуп Бзыԥҭа аҳаблан ауааԥсыра ӡыда иҟоужьҭеи.
"Афымцалашараҿы иҟоу ақәыӷәӷәара иахҟьаны аӡхагалагақәа аус руӡом. Ас еиԥш иҟоу ауадаҩрақәа ыҟаӡамызт, Урыстәылантәи алашара анҳауаз, уажәы амшқәа аныцәгьаха, афымцатә цәаҳәақәа рҿы амчхара ҳаракхеит. Атрансформатор акы бжьысит, аҩбатәигьы иамуит, уажәы даҽакы ааргараны иҟоуп, уи иқәыргылан ианалгалак, аӡы дәықәаҳҵоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кьетиа.
Бзыԥҭа аҳабла ахада еиҭеиҳәеит ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы иҟарҵо атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.