Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистр Быҭәба аветеран Синиавскаиа Аиааира Амш лыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6- Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аветеран Екатерина Синиавскаиа Аиааира Ду амш лыдиныҳәалеит.
"Атәыла анапхгара рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Аиааира Ду аныҳәа амш шәыдысныҳәаларц сҭахуп. Ишәыдышәкыл гәыкалатәи азеиӷьашьарақәа. Ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аибашьра иалсыз зегь хьӡи-ԥшеи шәыгымзааит. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи ақәра дуи". - ҳәа иҳәеит Быҭәба.
Сынтәа Екатерина Синиавскаиа 100 шықәса лхыҵуеит.
Аветеран илзыҟаҵаз агәцаракра ҭабуп ҳәа ахылҳәааит, аминистр ачаи дадлыԥхьалеит, аибашьра аамҭақәа лгәалалыршәеит.
Атәыла анапхгара рыхьӡала аминистр аветеран аԥара зҭаз аконверт лиҭеит.
Аԥсны ахада Иусбарҭа адыррақәа рыла, иахьазы Аԥсны инхоит 20- ҩык Аибашьра Ду аветеранцәеи урҭ ираҟаран иԥхьаӡоуи. Урҭ зегьы лаҵара 9 аламҭалаз, цхыраагӡак аҳасабала аҳәынҭқарра аҟынтәи 50 -50 нызқь мааҭ аԥареи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рзыҟаҵоуп.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа хаҭала Аибашьра Ду аветеран Иван Ԥлиа лаҵара 9 идиныҳәалеит