Аԥсны

Ахьӡ-аԥша амузеи афонд хаҭәаахеит Урыстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҳамҭақәа рыла

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара анеилга ашьҭахь Новочеркасскынтә хатәгәаԥхарала еибашьуаз нхараҳәа Аԥсны даангылт. Ааигәа иара иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара алахәыла Владимир Иурченко иҳамҭақәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иаҭоуп.

""Кипиш" ҳәа ахьӡ ҷыда иман. Аԥсны деицырдыруан. Еснагь длахҿыхын. Деибашьҩыҵәҟьан. Новочеркасскынтә даны Аԥсназы деибашьуан, ӷәӷәала дышхәызгьы Аҟәа агаразы аҵыхәтәантәи ажәылара ихы алаирхәит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Амшынеиқәатәи аказақцәа рыр атаман, Аԥсны ауаажәларратә палата алахәыла Вадим Мироненко.

Иара иҳәеит Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа рымш азы (лаҵара 6 - аред.) Аԥсынгьы иргәаладыршәалароуп ареспублика ахьчаразы хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз.
"Акыр шықәса Аԥсны дынхон, ихьуаз ичымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит Гагра", - иҳәеит Мироненко.
1 / 4

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара аветеран иҳамҭақәа

2 / 4

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара аветеран иҳамҭақәа

3 / 4

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара аветеран иҳамҭақәа

4 / 4

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьара аветеран иҳамҭақәа

Иԥсымҭаз аветеран аҳәара ҟаиҵеит иҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, иаҳәа, иҟама, иҟамчы Амузеи ахь ирырҭарц.
Амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа илҳәеит лнапахьы инеиз аекспонатқәа ҳаҭырла ишрызныҟәахо, ахыбраҿы уи азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа шаԥҵоу.
Хатәгәаԥхарала еибашьуази адиаспора рхаҭарнакцәеи Аԥсны иҭарыҩлоит