Аԥсны

Алхас Кәыҵниа аветеран Аиааира Амш идиныҳәалеит

Аԥсны ахада Иусбарҭа адыррақәа рыла иахьазы Аԥсны инхоит 20-ҩык Аибашьра Ду аветеранцәеи урҭ ираҟаран иԥхьаӡоуи ари астатус иаҵанакуеи. Урҭ зегьы лаҵара 9 аламҭалаз цхыраагӡак аҳасабала аҳәынҭқарра аҟынтәи 50 -50 нызқь мааҭ аԥареи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рзыҟаҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа Аибашьра Ду аветеран Филипп Артиух Аиааира Амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Шықәсык ашьҭахь аветеран 100 шықәса ихыҵуеит. Алхас Кәыҵниа агәабзиареи агәамчи изеиӷьеишьеит. Атәыла анапхгара рыхьӡала аветеран 50 000 мааҭи аҳамҭеи ииҭеит.
Филипп Артиух 17 шықәса ихыҵуан аибашьра ианалагаз. 1942 шықәсазы арра дыргеит. Владикавказ амҵан ахәра иоуит.
Аветеран Филипп Артиух Владикавказ ааигәара ахәра иоуит