Аԥсны

Аслан Бжьаниа хаҭала Аибашьра Ду аветеран Иван Ԥлиа лаҵара 9 идиныҳәалеит

Аџьынџьтәылатә еибашьар Ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра. Рышьҭахьҟа изымхынҳәит 17 нызқьҩык.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хаҭала Аибашьра Ду аветеран Иван Ԥлиа лаҵара 9 идиныҳәалеит.
Аԥсны ахада ипресс-маҵзура адыррақәа рыла иахьазы Аԥсны инхоит 20-ҩык Аибашьра ду аветеранцәеи урҭ ираҟаран иԥхьаӡоуи. Урҭ зегьы цхыраагӡак аҳасабала аҳәынҭқарра аҟынтәи 50 -50 нызқь мааҭ аԥареи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рзыҟаҵоуп.
Аслан Бжьаниа хаҭала Иван Ԥлиа лаҵара 9 идиныҳәалеит. Аветеран иҳәеит атәыла ахада дшизыԥшымыз, аха уи инеира агәахәара ду шинаҭаз.

"Шәара шәеиԥш зеиԥшу ирыбзоуроуп иахьатәи ҳаԥсҭазаара. Иҭабуп зегь рзы. Агәабзиареи ақәра дуи шәзеиӷьасшьоит! Ҳәарада алшара ыҟазар аҳәынҭқарра еиҳау адгылареи ацхыраареи ҟанаҵалар ауп. Ари аус адааулоит", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Аветеран изыҟарҵаз азхьаԥшра ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
"Ҳара аветеранцәа аҽа еибашьрак ҳахаанхоит ҳәа ҳаҟамызт. Аха абар уажәы Украина аибашьар цоит. НАТОи Америкеи аурысқәа ирҿагылеит. Аха ишԥарзымдыруеи Урыстәыла еиԥшу аҳәынҭқарра ду ушазымиааиуа? Ҳаҷкәынцәагь уа хатәгәаԥхарала еибашьуеит", - ҳәа иҳәеит Ԥлиа.
Уи аҭакс Бжьаниа иҳәеит, Урыстәыла ахԥатәи адунеитә еибашьара аҟалара алнаршарым, аҳәынҭқарра аԥышәа змоу аполитик дахагылоуп, Украинагьы аоперациа ҷыда лассы ихыркәшахоит ҳәа.
1941 шықәсазы Иван Ԥлиа 14 шықәса ихыҵуан. Иҵара ааныжьны аколхоз аҿы аусура далагеит. Аибашьра ашьҭахь иҵара неигӡеит. 1947 шықәсазы аррахь иԥхьеит.