Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Блабԥҳа аҿар ирзырхо апроектқәа ртәы

Сынтәа аҿар ирыдгалахо апроектқәеи, дара зызку ахырхарҭақәеи, иахьазы аусмҩаԥгатәқәа руснагӡа ахьынӡашьықәырӷәӷәои арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа аспециалист Мрана Блабԥҳа.
Sputnik
Арадиостудиа асас аиҿцәажәара хацлыркит уажәазы хықәкыла имҩаԥырго апроект Аҟәа аҭоурых аҭҵаара иазкны. Аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу рзы имҩаԥгахоит аквест ҳәа азгәалҭеит Блабԥҳа.
Иара убасгьы лара далацәажәеит Аиааира Ду амш ныҳәа азгәаҭараз ирымаз аусмҩаԥгатә атәы, аԥхын аамҭазы руснагӡатәқәа ртәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.