Аԥсны

Даур Акаҩба аветеран Шульгина Аиааира Амш лыдиныҳәалеит

Аиааира Ду 77-шықәса ахыҵра аламҭалаз Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа цхыраагӡак аҳасабала аҳәынҭқарра аҟынтәи 50 -50 нызқь мааҭ аԥареи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рзыҟаҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран 100-шықәса зхыҵуа Валентина Шульгина дылҭааит, аҳәынҭқарра ахьӡала аҳамҭақәа лиҭеит ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра Telegram-канал.

"Акыр иаԥсоу Валентина Ефим-иԥҳа! Иҭабуп ҳәа шәаҳәо ишәыдысныҳәалоит Аиааира Ду амш лаҵара 9. Агәабзиараеи ашықәс рацәеи шәзеиӷьасшьоит. Шәара ишәыбзоуроуп ҳара иахьа иҳамоу аҭынч ԥсҭазаара", - иҳәеит аминистр.

Атәыла анапхгара рыхьӡала аветеран 50 000 мааҭи аҳамҭеи лиҭеит.
Валентина Шульгина диит ажьырныҳәа 22 1922 шықәсазы. Аибашьра Ду алагаанӡа 21 шықәса зхыҵуаз Шульгина аҵара лҵон Омсктәи амедицина афельдшер-акушертә школ аҟны. Уи даналга 1942 шықәсазын афронтахь дцеит, аибашьра зегьы асанитартә взвод адҵаҟаҵаҩын.
Валентина Шульгина - Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран, Сталинградтәи аибашьра алахәыла, Аеҵәа ҟаԥшьқәа ҩорденк ланашьоуп, иара убас, Курсктәи аибашьраз "Агымшәараз" амедал.
Аԥсны
Алхас Кәыҵниа аветеран Аиааира Амш идиныҳәалеит