Арадио

Габуниаԥҳа: иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо ахәыҷы иааӡаразы арҵаҩцәа рԥышәа еимырдалароуп

"Аԥснытәи ашкол. Иахьеи уаҵәи" захьӡу арҵаҩцәа рзы хәыда-ҧсадатәи асеминарқәа еиҿкаахоит лаҵарамза 7 рзы Аҟәа. Урҭ ирыдгалахо апрограммеи хәарҭарас иалоуи атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ашколқәранӡатәи аҵарааӡаратә центр "Аӡыхь" аиҳабы Алиона Габуниаԥҳа.
Sputnik
Иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо ахәыҷы иааӡаразы иаҭахуп ҳаамҭазтәи аметодика, арҵаҩы идыруазароуп иарбан дыррақәоу, шьцыларақәоу иалагазарц ахәҭоу, иарбан методикатә хархәагақәоу ихы иаирхәаша ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Габуниаԥҳа.
"Арҵаҩы дыԥхьагылаҩны дҟазҵо аҟазшьақәа илааӡара ҳалацәажәон актәи ахәҭаҿы. Атренинг мҩаԥылгон апсихолог Елана Кортуа. Арҵаҩцәа имаҷымкәа рхы аладырхәит, гәахәарылагьы ирыдыркылеит. Иаҳҭахуп наҟа-наҟ аҭыԥ алҳхырц арҵаҩцәа ҳԥеишәеимдаразы, ҳдыррақәа реизырҳаразы асеминарқәа ҳахысларцаз", - ҳәа еиҭалҳәеит Габуниаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.