Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аракетатә ар Краматорск аџьаԥҳаныҵәахырҭа ду еилаԥырххааит

Урыстәылатәи ар Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6–Sputnik. Урыстәыла аракетатә ар Краматорск аџьаԥҳаныҵәахырҭа ду еилаԥырххааит ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак чыда, аинрал-маиор Игор Конашенков шьыжьтәи абрифинг аҿы.

"Урыстәылатәи арратә мчрақәа аракетақәа рыла украинатәи ар рџьаԥҳанышьҭаҵарҭа еилаԥырххааит Краматорск ақалақь азауад "Энергомашспецсталь" аҵакыраҿы", - иҳәеит иара.

Запорожиатәи аобласт аҿы урыстәылатәи аракетақәа иҭадырхеит украинатәи "Точку-У", ари атехникеи ргыларҭақәа 10.
Авиациа уахык аҩнуҵҟа ааха рнаҭеит Украина арратә хыбрақәа 24. Урҭ рҟынтәи ари атехникеи ргыларҭақәа 18, артиллериатә батареиа, иара убас Донецктәи Жәлар р-Республикаҿ аракета-артиллериатә бџьарҵәахырҭақәа ҩба.
Аракетатә ар Никифоровка иахьаҵанакуа ааха рырҭеит азенит-ракетатә комплекс С-300 аҭырҟьага шьақәгылеи ари атехника ргыларҭақәа хәбеи.
Артиллериа анапхгараҭаратә ҭыԥқәа фба, аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа хԥа, 187 хырӷәӷәарҭеи ар ргыларҭеи, 26 украинатәи артиллериатә батареақәеи ааха рырҭеит.
Иҭархоуп амилаҭеилыхыҩцәа 280-ҩыки 41 ак арратә техникеи.
Лугансктәи ареспубликаҿы аҳауахьчагақәа Су-25, МиГ-29 карыжьит, икажьын "Точка-У" абаллистикатә ракетақәа ԥшьба. Харковтәи Херсонтәи аобластқәа, ДЖәРи ЛЖәРи рҵакырақәа рҿы икажьын аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 13.