Урыстәыла аҭыжьыҩцәа рзин змам аимпорт тауарқәа рсиа шьақәдыргылеит

Асиа рыԥсахлоит аҳәаанырцәтәи аилахәырақәа Урыстәыла русуразы рыӡбрақәа ирхьырԥшны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6– Sputnik. Урыстәыла Ахәаахәҭра аминистрра еиҿнакааит аҭыжьыҩ изинда Урыстәылаҟа залагалара ауа 96 тауар рсиа. Адокумент азинтә информациа аофициалтә портал аҿы икьыԥхьуп.
Асиаҿ иарбоуп: аҳәаанырцәтәи амашьынақәа рыхәҭақәа, афотои акинотехникеи, амедицинатә хархәагақәа, асааҭ Apple, амузыкатә инструментқәа, ацҵақәа XBox, PlayStation, аҽырԥшӡагақәа, абзазаратә химиа.
Асанкциақәа ирхырҟьаны Урыстәыла зусура аанызкылаз ма иаҟәыҵыз ахәаахәҭратә брендқәа, аилахәырақәа раалыҵ аҭыжьыҩ изинда Урыстәылаҟа иалагалазарц азин ҟанаҵеит Урыстәыла аиҳабыра, аимпорт аҭахрақәа рхарҭәааразы.
Аҭыжьыҩцәа рзин змам аимпорт аконтрафакт азинҟаҵара акәӡам иаанаго. Ари атәылахь атауар хаҭа аҽа мҩак ала алагалароуп иаанаго ҳәа рҳәеит Ахәаахәҭра аминистрраҿы.