Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Вашингтон иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ЕАА ахимиатә бџьар ықәнагарц аднагалеит

Аофициалтә Вашингтон Урыстәыла ахара ахаранаҵоит ахимконвенциа еиланагоит ҳәа. Ари атема аладырҵәоит аҭыԥантәи АИХқәа. Урҭ ҵаҵӷәыда иалацәажәоит Урыстәыла ахимиатә бџьар шамоу уи Украина ахархәара гәҭакыс иамоуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Вашингтон иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа америкатәи анапхгара Урыстәыла Украина ахимиатә бџьар ахархәара гәҭакыс иамоуп ҳәа иаҳәо мап ацәкуа абжьгара ҟанаҵеит ЕАА ахатә химиатә бџьар ықәнагарц. Абри азы адипмиссиа аҳәамҭа Telegram-канал аҿы иакьыԥхьит.
Ацҳаражәҳәарҭаҿы ирҳәеит Урыстәыла 2017 шықәсазы иамаз ахимиатә бџьар зегь шықәнагаз, уи шышьақәнарӷәӷәаз ахимиатә бџьар азинҟамҵаразы Аиҿкаара (ОЗХО).

"Урыстәыла акәым, аха ЕАА ауп ахимиатә бџьар азинҟамҵаразы Аконвенциа иалахәу атәылақәа рҟынтә макьаназ зхимиатә бџьар зегь ықәзымгац. Идыруп Вашингтон ахимдемилитаризациа амҩаԥгаразы атехникатәи афинанстәи лшарақәа шамоу", - аҳәоит аҳәамҭаҿ.

Ацҳаражәҳәарҭа америкаа азхәыцырц ирыднагалоит, избан ахимиатә бџьар егьырҭ атәылақәа ианықәыргоз ЕАА аҽзааннакылаз.