Аԥсны

Ешба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟәатәи аветеранцәа Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҳҭнықалақь иаланхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит.
Ешба дырҭааит ҩыџьа аветеранцәа - Валентина Шульгинеи Нонна Дорофеевеи. Аҟәа ахада аветеранцәа аԥаратә ҳамҭақәеи ашәҭқәеи риҭеит, иара убас иааиԥхьеит лаҵара 9 рзы имҩаԥысуа апарад ахь.
"Ишәыдысныҳәалоит Аиааира ду 77 шықәса ахыҵра. Гәахәароуп шәара шәахьҳамоу. Агәабзиареи ашықәс нҵыра дуи шәзеиӷьасшьоит. Шәҿаԥхьа схырхәоит", - иҳәеит Ешба сынтәа шәышықәса зхыҵыз Валентина Шульгина илыдныҳәало.
Анаҩс Ешба дылҭааит 97 шықәса зхыҵуа Нонна Дорофеева.
"Нонна Иван-иԥҳа, ишәыдысныҳәалоит Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра. Даара ҳаигәырӷьоит шәгәы бзиа, шәхы бзиа шәахьыҟоу. Акыр шықәса агәыцқьара шәыманы, шәмаҭа-шьмаҭацәа рааигәа шәыҟазааит", - иҳәеит Ешба.
Аԥсны
Даур Акаҩба аветеран Шульгина Аиааира Амш лыдиныҳәалеит
Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра аламҭалаз Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа цхыраагӡак аҳасабала аҳәынҭқарраҟынтәи 50-50 нызқь мааҭ аԥареи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рзыҟаҵоуп.