Дәрыԥшь, лаҵара 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа ирылагеит.
Аицлабрақәа ирылахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба рҟынтәи акомандақәа: Аацы, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Жәандәрыԥшь, Дәрыԥшь, Лыхны, Џьырхәа.
Аицлабрақәа рыпрограмма иалоуп аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырхәмарра.
Аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Џьарназ Бениа иазгәеиҭеит акомандатә еицлабрақәа рыдагьы еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рыла аҽырыҩрақәа шыҟало.
"Аҽыбӷаҟазацәа 1400, 1800, ҩынтә 2000, иара убас 4000 метра иҟоу абжьаӡарақәа рҟны еиԥхныҩлоит", - иҳәеит иара.
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа хыркәшахоит лаҵара 9 рзы.
Аиааира згаз ахраҿақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьоит.