Арадио

Амҷба еиҭеиҳәеит Аибашьра Ду иалахәыз иабдуи уи иашьеи рыхшара жәаҩык рҭоурыхқәа

Аиааира Ду сынтәа 77 шықәса ахыҵит. Ҩыџьа аишьцәа Амҷаа ирхылҵыз 10-ҩык рҟынтәи 7-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалаӡит. Ииаҳахьоу урҭ рҭоурыхқәа еиҭеиҳәеит рашьа иԥа Рауль Амҷба.
Sputnik
77 шықәса раԥхьа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз аиааира ацәыӡ дуқәеи, агәырҩеи, ахьааи ацуп. Инымхеит аԥсыуа ҭаацәарак уи зхьымсыз. Аԥснынтә аԥсадгьыл ахьчара инагылаз 55 нызқьи бжаки рахьынтә изыхнымҳәит 17 нызқьи бжаки аибашьцәа. Убарҭ зыҩныҟақәа изымгьежьыз иреиуоуп Арасаӡыхь ақыҭа инхоз ҩыџьа аишьцәа Амҷаа рыхшара. Жәаҩык арԥарцәа аԥсадгьыл ахьчаразы иахьрыԥхьаз быжьҩык ҭахеит. Урҭ аибашьцәа рҭоурыхқәа ҳәа иидыруа еиҭеиҳәеит Леон иорден занашьоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Рауль Уарлам-иԥа Амҷба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.