Аԥсны

Аҽыбӷа иазҟазоу: Дәрыԥшь аицлабрақәа шымҩаԥысыз

1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы лаҵара 8-9 рзы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа мҩаԥысуеит.
Sputnik
Аицлабрақәа ирылахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба рҟынтәи акомандақәа: Аацы, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Жәандәрыԥшь, Дәрыԥшь, Лыхны, Џьырхәа.
Аицлабрақәа рыпрограмма иалоуп аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырхәмарра, аҳәаҟьара, иара убас аҽырыҩра. Аиааира згаз ахраҿақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьоит.