Аахыҵ Уаԥстәыла АКХ абиуллетенқәа 97% ангәарҭа ашьҭахь ахада иалхрақәа алҵшәақәа рҳәеит

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҭоубашьҭаҵара мҩаԥгахоит жәамш рыҩнуҵаҟа алхрақәа рылҵшәақәа анрыларҳәалак ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Алхратә биуллетенқәа 97% ангәарҭа ашьҭахь еилкаахеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа аҿы дшаиааиз Алан Гаглоев, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
АКХ адыррақәа рыла, Гаглоев иоуит 54,2%, иара изы рыбжьы арҭеит 15 867-ҩык.
Анатоли Бибилов адгылара ирҭеит 43,3% алхыҩцәа - 11 434-ҩык.
Акандидатцәа зегь ирҿагыланы рыбжьы арҭеит 779-ҩык, уи 2,5% процент артәоит.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аҵыхәтәантәи алҵшәақәа рылаҳәахоит хәымш ирылагӡаны.