Аиааира Амш: Аҟәа Лаҵара 9 аныҳәамш шазгәарҭаз

Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны игаз Аиааира 77-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.
Sputnik
Аиааира Амш иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылагеит ашьыжь Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵареи аныҳәатә митинги рыла.
Аԥсны ахадара иргәаладыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз аибашьцәа.
Анаҩс мҩаԥган апарад, гәырӷьаратә шьаҿеиқәшәарала амҩа ианысит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәуп 7-тәи арратә базеи Аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыруаа.
Иара убас имҩаԥысит уажәшьҭа итрадициахаз шәҩыла ауааԥсыра злахәыз акциа "Ԥсра зқәым архәҭа". Алахәылацәа Ахақәиҭра ашҭаҿы рҽеидкыланы Гәлиа имҩа ианысны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы икылсит, акциа хыркәшан Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 20-ҩык. Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәӡеит.
1 / 16

Аҟәа имҩаԥысит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира Амш азгәаҭара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

2 / 16

Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥысит 1941-1945 шықәса рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра иазку апарад.

3 / 16

Аныҳәа иалахәыз хәыҷи-дуи шамахамзар арратә маҭәала еилаҳәан.

4 / 16

Гәырӷьаратә шьаҿеиқәшәарала амҩа ианысит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәуп 7-тәи арратә базеи Аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыруаа.

5 / 16

Аиааира Ду иазкыз апарад иахәаԥшырц иааит хыԥхьаӡара рацәала ауаа.

6 / 16

Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшартә адҵатә ҵараиурҭа апарад иқәсуеит.

7 / 16

Аԥхьаҟатәи аԥсадгьыл ахьчаҩ абираҟ даҵагыланы.

8 / 16

Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба

9 / 16

Апарад идикылеит- атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

10 / 16

Аԥсадгьыл ахьчаҩ иуалԥшьа наигӡоит.

11 / 16

Анаҩс, ашколхәыҷқәа амшын аԥшаҳәала имҩасит.

12 / 16

Аҟәатәи ашколхәыҷқәа

13 / 16

Дара "Иҭабуп сабду Аиааиразы" ҳәа зныз аплакат наргон.

14 / 16

Ашколхәыҷқәа гәырӷьаҵәа иааргон аԥышҭа ҭырчқәеи абираҟқәеи.

15 / 16

Шьаҿеиқәшәала адаул иасуа иааиуеит.

16 / 16

Лаҵара 9 амшныҳәа иацнаҵеит итрадициахаз акциа "Ԥсра зқәым архәҭа.