Аԥсны

Аиааира Ду ашәақәа: Аҟәа Лаҵара 9 аныҳәатә концертла иазгәаҭан

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аиааира Ду аҳаҭыраз Аҟәа имҩаԥган аныҳәатә концерт.
Аконцерт иалагеит ахореографиатә ансамбльқәа "Абазеи" "Иааирумеи" рыкәашарала, у ашьҭахь аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.
"Иԥшьоу ныҳәоуп ҳара ҳзы, ҳабдуцәеи урҭ рабацәеи рфырхаҵароуп. Аҳҭнықалақь ахадара ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, агәабзиара", - иҳәеит иара.
Аԥсны
"Алаӷырӡ зцу агәырӷьара": Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит аибашьра атемала ацәыргақәҵа
Аибашьра иалииааз ашәақәа нарыгӡеит ашәаҳәаҩцәа Ҭемыр Ҭаниа, Автандил Конџьариа, Мактина Бебиа, Ильда Қәычбериа, Хатуна Ҭарба, Саида Габниа, Асҭамыр Кәыҵниа, Хьыбла Мықәба, Омар Сангәлиа, Ҭеона Ҭачулиа, Рамина Заде, агәыԥ "Аԥсны -67", атрио-Нугзар Какалиа, Алхас Ферзба, Алиас Абыхәба. Дара инарыгӡеит еицырдыруа ашәақәа : "Аҵх лашьца", "Катиуша", "Смуглианка", "Ан лзы абаллада".
Аныҳәатә концерт хыркәшан Асҭамыр Кәыҵниеи Асҭамыр Вартанови "Аиааира Амш" рынагӡарала.
1 / 4

Аиааира ду аҳаҭыраз аныҳәатә концерт мҩаԥган Аҟәа.

2 / 4

Аиааира ду аҳаҭыраз аныҳәатә концерт мҩаԥган Аҟәа.

3 / 4

Аиааира ду аҳаҭыраз аныҳәатә концерт мҩаԥган Аҟәа.

4 / 4

Аиааира ду аҳаҭыраз аныҳәатә концерт мҩаԥган Аҟәа.