Асахьаҭыхра бџьарла изыԥсахыз аибашьҩы: Радион Чамагәуа иҭоурых
Наала Гәымԥҳа
Sputnik акорреспондент
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аибашьҩы Радион Чамагәуа иеибашьратә мҩа аҭоурых иахьатәи ҳматериал аҟны.
SputnikАҷандара ақыҭан инхоз Чамагәуа Алқьарми Матуаԥҳа Џьгәыгәи рҭаацәараҿы ирааӡон ааҩык ахшара, аха аӡәы дшыхәыҷӡаз машәырла дҭахоит, иаанхеит: Кәынҵал, Радион, Михаил, Руфеҭ, Шоҭа, Сҭеԥан, раҳәшьазаҵә Ӡабулиа.
Раб Чамагәуа Алқьарм унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз нхаҩын. Усҟантәи аамҭазы аус иуан Аԥсны ахәҳахәҭра иатәыз абазатә шьҭаҵарҭа № 2 аҟны. Алқьарми иԥсы ҭанаҵы иҭахын ихшара аҵара роурц, уи азыҳәаны ихы деигӡомызт, аха ихәыҷқәа рыбзиара абара дахьымӡакәан, ахара идҵаны ддырӡуеит 1937-тәи ашықәсқәа рзы. Уи ашықәс еиқәаҵәақәа лгәаларшәо, Алқьерми имаҭа Рамфела Чамагәуаԥҳа илҳәоит:
"Саб Радион Приморсктәи ашкол быжькласск даналга ашьҭахь, абжьаратә ҵара аиуразы дҭалоит Аҟәатәи "Апионерцәа рыҩны". Уаҟа аҵара зҵоз иӷарыз ахәыҷқәа ракәын. Сабду Алқьерми аус ахьиуаз анеилыркаа саб дҭырцоит. Дук хара имгакәан, саб еиликааит Аҟәа ишаатыз асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Уахь аҭалара иҽаназыҟаиҵоз аамҭазы, иоуит ашәҟәы иаб дышдырӡыз ала", - лҳәоит лара.
Иҟалаз анеиликаа, Радион иашьа Сҭеԥан диманы идәықәлеит Аҟәаҟа. Мчыла, ирулак раб дахьҭакыз иҩналеит:
"Ари аҵыхәтәантәи реибабара акәхеит. Сабду саб иабжьигеит иҵара каимыжьырц, азеиԥшынхарҭаҟны анхара азин иоурц азыҳәаны, аусҳәарҭаҿы дцаны иқәра иацҵаны атәылауаҩшәҟәы ҟаиҵарц. Еиҟәыганы ианыргоз, сабду ииҳәоз акакәын: "Исҳәаз ҟаҵа" ҳәа",- лаб игәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит Рамфела Чамагәуаԥҳа.
Радион иаб игәахәтәы неигӡеит, дҭалеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Есԥхынра ацентртә комитет зхылаԥшуаз аҟазаратә усқәа рхадара аҟнытә дрышьҭуан иусумҭақәа ргәаҭараз Ленинградҟа, нас Москватәи Третиаков игаллереиахь.
1940 шықәсазы Радион ихьчеит адипломтә усумҭа, анаҩс дрышьҭуеит Ленинград ацәыргақәҵа ихы алаирхәырц. Уаҟа иҭыхымҭақәа ахәшьара бзиа арҭеит, академиахь ааԥхьара ирҭеит.
Иалагеит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа
Аха игәҭакқәа рынагӡара дахьымӡеит, иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа. Радион иаразнак иабџьар аашьҭыхны дцеит еибашьра:
"Саб аибашьраҟны дахьцалак акалами абӷьыци ицын. Уаҟа иҩуан есыҽны дызнысыз иеибашьратә мҩа иалкаау арыцхәқәа, аҭоурых хәыҷқәа. Урҭ инапҩымҭақәа ирыбзоураны еиҳа еилаҳкааит ифырхаҵаратә мҩа, идунеи аниԥсах ауп уи анысыԥшаазгьы. Иԥсы ахьынӡаҭаз зынӡа аибашьра аӡбахә алацәажәара иҭахӡамызт", - лҳәоит иԥҳа Рамфела Чамагәуаԥҳа.
1942 шықәса ажьырныҳәа 26 инаркны хәажәкырамза 2-нӡа Радион Баҭым иҟаз аихшаратә пункт 51-тәи ахырӷәӷәарҭатә раион аҿы дыҟан. Радион Чамагәуа аибашьраҟны афырхаҵара инаваргыланы, иааирԥшуан агәҽанызаара. Зны дыҟан аротатә писарс, анаҩс атактикатә ҽазыҟаҵара адивизиахь дрышьҭуеит, уаҟа еимадаҩыс дҟарҵоит.
"Анемеццәа Кавказ ашьхақәа ирхықәшаны ажәылара ианалагоз ашықәсазы, иҩызцәеи иареи иаадырԥшит агәымшәара, уи ахә ҳаракны иршьеит аиҳабыра. Ԥыҭрак ашьҭахь арота зегьы рҿаԥхьа дықәыргыланы ддырҽхәеит, мышқәак аԥсшьараҳәа дагьоурышьҭуеит", - ҳәа лҳәоит Рамфела Чамагәуаԥҳа.
Аибашьра еибашьроуп, ирацәоуп аԥсҭбарақәа, агәырҩа, ахьаа. Афырхацәа хьаҵра ҟамҵакәан, аԥсра абла иҭаԥшуа рыԥсадгьыл рыхьчон. Радион Чамагәуа дахьымеибашьыз ҭыԥк ыҟамзар ҟалап, уи арҵабыргуеит иаанхаз имшынҵа уанаԥхьо, Уаҟа иану аҩырақәа ртәы дырзааҭгыло, иԥҳа Рамфела Чамагәуаԥҳа илҳәоит:
"Цәыббрамза 1942 шықәсазы ԥшыхәра идәықәлеит Шеревцекынтә Ҟабарда-Балкариаҟа рхы рханы. Амш даара ицәгьан, ақәеи аси леиуан. Излауала рыԥсы еиҭакуа, рымҩа иацырҵон. Ҽнак амҩан аӷацәа рыхьӡан, саб ицеибашьуаз иҩызцәа ԥшьҩык ҭҟәаны иргеит, аӡәы дыршьит ишырбоз. Абас ирацәаӡоуп саб иҭынхаз агәалашәарақәа", - лҳәоит лара.
Радион Чамагәуа Кавказ ахьчараан ӷәӷәала деибашьуан. Ахьҭеи асыӷәӷәеи ириааины, ашьхақәа ирхыҵны аӷа идесант аныркуаз дырхәуеит, аҵаа дакуеит. Уи иахырҟьаны 1943 шықәса нахыс иеибашьратә мҩа изацымҵеит:
"Мызқәак рышьҭахь, Қәҭешь агоспиталь аҟны игәабзиара анышьақәиргыла, ихәрақәа ӷьо ианалага, аҳақьымцәа дрывагыланы ахәцәа ахьҿархәоз ацхыраара ҟаиҵон, аполитинформациа аԥхьаҩс дрыман", - лҳәоит Рамфела Чамагәуаԥҳа.
Афырхаҵаратә мҩа ду дананыс ашьҭахь, Радион Чамагәуа иқыҭаҟны илшарақәа даараӡа ирацәоуп. Аибашьра ашьҭахь, 1949 шықәсазы Аҷандара ақыҭсовет жәлар реизара амаӡаныҟәгаҩс дҟарҵоит. Иҟамзар ҟаларын иқыҭаҟны инапы злакымыз, дызлахәымыз хҭыск. 1951 инаркны 1963 шықәсанӡа аус иуан Жданов ихьӡ зхыз Аҷандаратәи аколнхара ахантәаҩыс, апартиатә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс. Иҟамызт ақыҭа иаҭаауаз асасцәа пату рықәҵареи рԥылареи далахәымкәа, еимакык змаз реинышәара илымшакәа.
Радион 45 шықәса дшырҭагылаз аҭаацәара далалоит. Ихатә ҩыза Агрԥҳа Раисеи иареи ирааӡеит ԥшьҩык ахшара. Дахьӡеит ихшара аҵара дырҵаны, ршьапы рықәыргылара, имаҭацәа рылагәырӷьара.
Иԥсы ҭанаҵы еснагь гәалас имаз акызаҵәык акәын: иԥсы еиԥш бзиа иибоз асахьаҭыхра амҩала дахьзымцаз, аибашьра игәҭакқәа зегьы ахьарблаҟьаз:
"Иԥсы ахьынӡаҭаз игәнигон зегь раасҭа бзиа иибоз асахьаҭыхра азанааҭ ахьизацымҵаз. Иқәрахь даннеигьы, лассы-лассы иҳәалон иҭыхымҭақәа дырзыхынҳәырц шиҭаху. Урҭ еидҿаҳәаланы, аҭуан иаҵакнаҳаны иман мышкызны инасыгӡап ҳәа, аха уи шгәаҳәараз иаанхоит. Ҳаб инапы иҵихыз иусумҭақәа иахьа уажәраанӡа ҳаиҷаҳаны, еиқәырханы иҳамоуп ихшара", - лҳәоит Рамфела Чамагәуаԥҳа.
Афырхаҵа, аибашьра иаӡрыжәыз Радион Чамагәуа иԥсҭазаара далҵит 90 шықәса дшырҭагылаз. Иахьа игәараҭа иҭыҩуа ахәҷыччабжь агәра унаргоит баша дшымеибашьуаз, ихьчеит аԥеиԥш змоу ихәышҭаара.