Аԥсны

Ашәба: ҿыц еиҵагыло Аԥсны аҿар азхиоуп аҳәынҭқарра ашәарҭадареи аҭынчреи аԥҵара

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит. Иазгәеиҭеит, еиҵагылаз аҿар ҳҳәынҭқарра ашәарҭадареи аҭынчреи реиқәырхара шрылшо.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аӡәырҩы Аиааира аагараз рыԥсы ахҭнырҵеит.

"Урҭ ҳабацәа рҟынтә иаауеит 1992–1993 шықәсқәа рзы ақырҭуа мпыҵахалаҩ иҿагылараан ҳажәлар ирныԥшуаз ахачҳара ду, атәра анымшәара, агәымшәара. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҿыц игылеит абиԥарақәа хьаҳәа-ԥаҳәарада ҳҳәынҭқарра ашәарҭадареи аҭынчреи реиқәырхара алзыршо", - ҳәа иҳәеит Ашәба.

"Аиааира Ду амш аламҭалаз ҳара иаҳгәалаҳаршәоит иҳзааигәаз анемец-фашист иҿагыланы иқәԥоз ҳаибашьцәа. Ҳхырхәоит иахьатәи амш ҳзаазгаз ҳветеранцәа шәҿаԥхьа", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аԥсны ахадара идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит
Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.