Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас иалырхыз Алан Гаглоев идиныҳәалеит

Амҽыша лаҵара 8 рзы Алада Уаԥстәыла имҩаԥысит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи атур. Аихшьаалақәа рыла аиааира игеит Алан Гаглоев.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев идиныҳәалеит Алада Уаԥстәыла ахадас дахьалархыз. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
"Шәара шәиааира ажәлар рҟынтәи адгылареи аихьӡара ҿыцқәа рзы ирымоу агәыӷреи ртәы аҳәоит. Агәра згоит, ҳаиашьаратә республикақәа ирыбжьоу аиҩызара ду аԥхьаҟагьы ҳажәларқәа реизҳазыӷьараз аԥсуа-аладауаԥстәылатәи аусеицура аҿиара ишацхраауа", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Бжаниа иҳәеит агәыӷра шимоу, Гаглоев аԥхьаҟа Аԥсни Алада Уаԥстәылеи русеицура аизҳараҟны дшацхраауа азы.
Аахыҵ Уаԥстәыла АКХ абиуллетенқәа 97% ангәарҭа ашьҭахь ахада иалхрақәа алҵшәақәа рҳәеит
Амҽыша лаҵара 8 рзы Алада Уаԥстәыла имҩаԥысит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи атур. Аихшьаалақәа рыла аиааира игеит Алан Гаглоев. АКХ адыррақәа рыла, Гаглоев иоуит 54,2%.