Аԥсны

Аԥсны ахадара идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

Аԥсны имҩаԥысуеит Аиааира Ду Лаҵара 9 иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аԥсны ахадара, аусбарҭақәа реиҳабацәа, ауаажәларра ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны игаз Аиааира ду 77 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зегь рыҟны.
Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.