Путин Бжьаниеи Аԥсны иқәынхо ажәлари Аиааира ду амш рыдиныҳәалеит

Иахьа Аԥсны инхоит 20-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, урҭ рахьынтәи 14-ҩык Аҟәа инхоит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи ажәлари Аиааира ду амш рыдиныҳәалеит.
Иара иазгәеиҭеит, ари аныҳәа азгәаҭарала ҳабацәа ҳабдуцәа аибашьра зхызгаз ргәалашәара шааҳарԥшуа.
"Агәра ганы сыҟоуп, аибашьра аамҭа уадаҩқәа раан аиҳабыратә абиԥара зуасхыр шьҭарҵаз аиҩызареи аицхыраареи рытрадициақәа ԥхьаҟа еиҳагьы иӷәӷәахап ҳәа", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Владимир Путин аԥснытәи аибашьра Ду аветеранцәа иҭабуп ҳәа раҳәо, ирзеиӷьеишьеит агәабзиареи ақәранҵыра дуи.
Аԥсны
Бжьаниа Путин Аиааира Ду амш идиныҳәалеит