Аԥсны

"АиааираZы!" - "Za Победу!": Аԥсны АЕА ашьапылампылтә хәмарра мҩаԥыргеит

Ахәмарра мҩаԥысуан "АиааираZы!" - "Za Победу!" ааԥхьарала.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит Мрагылареи Мраҭашәареи рыфронтқәа рветеранцәа ашьапылампыл азы аиҩызартә еиԥылара.
Ахәмарыҩцәеи ахәаԥшцәеи аԥсшәа раҳәо Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе зегьы аҭынчреи аманшәалареи рзеиӷьеишьеит.
"Ҳабдуцәа забашьуаз афашизм еиҭах ахы шьҭнахуа иалагеит. Украина иҟоу жәбоит. Агәрагара ҳамоуп зегь маншәалахап ҳәа. Иахьатәи ахәмарраҿы иаҵахо дҟалом. Иааироуп иҟало", - ҳәа иҳәеит иара.
Амилаҭтә аолимпиатә еилакы ахада Валери Аршба аветеранцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит аиҩызаратә хәмарра рхы ахьаладырхәыз.
1 / 10

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа лаҵара 9 аҳаҭыр азы ашьапылампылтә хәмарра мҩаԥыргеит

2 / 10

3 / 10

4 / 10

5 / 10

6 / 10

7 / 10

8 / 10

9 / 10

10 / 10

Ашьапылампыл азы Аԥсны Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба Аиааира ду амш рыдныҳәало иазгәеиҭеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьар аветеранцәа рабацәеи рабдуцәеи реиԥш аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла аӡәыкны ишеидгылаз.
Аиааира Амш: Аҟәа Лаҵара 9 аныҳәамш шазгәарҭаз
Атаимқәа еснагь еиԥш 45 минуҭ акәымкәа 15-15 минуҭ ицон, аветеранцәа рзы иманшәалазарц.
Аиҩызаратә хәмарра хыркәшахеит 5:2 ҳәа мраҭашәаратәи афронт аветеранцәа риааирала.