Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Дәрыԥшь ақыҭа аҽырҩырҭаҿы лаҵара 8-9 рзы аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа мҩаԥысит.
Аицлабрақәа ирылахәын Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба рҟынтәи акомандақәа: Аацы, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Жәандәрыԥшь, Дәрыԥшь, Лыхны, Џьырхәа.
Аицлабрақәа рыпрограмма иалан аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырхәмарра, аҳәаҟьара, иара убас аҽырыҩра. Аиааира згаз ахраҿақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьан.
Аицлабрақәа рылҵшәақәа рыла актәи аҭыԥ ааныркылеит Ҟәланырхәа аҽыбӷаҟазацәа 170 кәатала рыманы, аҩбатәи аҭыԥ 154 кәатала ганы Лыхаа иааныркылеит, ахԥатәи ргеит Дәрыԥшьаа, аԥшьбатәи- Џьырхәа, ахәбатәи- Жәандәрыԥшь, афбатәи – Аацы, абыжьбатәи- Аҷандара, ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҽыбӷаҟазаратә Федерациа аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа.
Хышықәса еиқәырццакны Ҟәланырхәа аҽыбӷаҟазацәа актәи аҭыԥ ргоит, убас аҩбатәи аҭыԥ- Лыхны.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.