ЕАА ахада Украиназы "ленд-лиз" азакәан инапы аҵеиҩит

Азакәан апроект аштат Техас асенатор Џьон Корнин иҟынтәи иазырхиан ажьырныҳәамзазы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. ЕАА ахада Џьо Баиден Украина "ленд-лиз" аҭаразы азакәан инапы аҵеиҩит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Уаанӡа ЕАА аконгресс апалатақәа рыҩба зықәшаҳаҭхаз адокумент Украина арратә цхыраара аҭара армариара иазырхоуп. Хаҭала, "Урыстәыла ажәлар зылшо Мрагыларатәи Европа атәылақәеи Украинеи реиҳабыра абџьар рыҭаразы ахада ленд-лиз аганахь ала изинмчра аԥкрақәа армариоит", - аҳәоит азакәан апроект аҿы.

Ленд-лиз апрактика Аҩбатәи адунеизегьтә еибашьраан ахархәара аиуит. Усҟан аштатқәа абџьари астратегиатә материалқәеи Асовет Еидгыла назлаз Гитлер иҿагылоз аидгылақәа ирзынанашьҭуан.

Уажәы аконгресс ЕАА ахада Иусбарҭа изыҳәа иахәаԥшуеит Украина 33 миллиард доллар ари ашықәс аҩнуҵҟа рыҭаразы. 20,4 миллиард мааҭ ари апакет аҟынтә "Украина ашәарҭадареи арратәи усхкқәа рыцхраара иазырхоуп", 8,5 миллиард мааҭ аекономикатә цхыраара.