АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik. Росавиациа иадҟаҵалоу асанкциақәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара анырра арҭоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи адиректор Виачеслав Ешба.
Аҳаирбаӷәаза аусура аиҭахацыркразы аинвесторцәа ԥшаауп, аҳәынҭқарра уи аус иалахәхом, аԥхьатәи ареисқәа азыԥхьагәаҭоуп 2024 шықәсазы ҳәа азгәеиҭахьан уаанӡа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
"Ҳәарада асанкциақәа анырра ҟарҵоит. Аҳаирбаӷәаза ҩнтәны асанкциақәа ирықәшәоит. Аус ауеит Қырҭтәыла азыҳәала ICAO иаднакылаз аԥкра. Иара убасгьы аҵыхәтәантәи аамҭазы иаларгалаз асанкциақәа хымԥада ҳрыҵаркуеит", - иҳәеит Ешба.
Иара иҳәоит аԥкрақәа ирхырҟьаны аԥырра аамҭа ҩынтә еиҳахар шалшо, уи ахарџьқәа амҩангаҩ ихахьы игар шакәхо. Уи адагьы Ешба ишиҳәо ала ауадаҩрақәа иаҵанакыр ауеит аҳаирпланқәагьы.
"Ҳара ҳхатә парк ҳамам. Авиа-лизинг мраҭашәаратәи аилахәырақәа иҳарҭом. Ҳгәыӷуеит аҽа ҩышықәса рыҩнуҵҟа аҭагылазаашьа аҽаԥсахып ҳәа", - иҳәеит Ешба.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа. Авертолиоттә цәаҳәақәа рыла еимадан Аҟәеи Аԥсны аиланхарҭатә ҭыԥқәеи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы аҳаирбаӷәазеи асасааирҭеи аԥхасҭа ду роуит.
Аҳаирбаӷәаза аиҭахацыркразы аусурақәа ирылаган 2018 шықәсазы урыстәылатәи аинвестор дадыԥхьалан ахарџьнҵа аиқәыршәаразы. Абаӷәаза аусура иалагар 3-5 нызқьҩык рҟынӡа рымҩангара алыршахоит, ахархәара аиуеит аидарамҩангаразгьы.