АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Идырым џьоукы аҟәатәи апантеон аҿы абаҟақәа иакәым ала ирызныҟәеит ҳәа Аԥсныпресс иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.
Арбгаҩцәа аԥхасҭа рырҭеит еицырдыруа аԥсуа ҳәынҭқарратә усзуҩцәа Аслан Оҭырба, иԥшәмаԥҳәыс Татиана Конџьариаԥҳа, акультура аминистрс иҟаз Ҭемыр Қьецба рбаҟақәа. Абаҟақәа ирымхуп аџьазлыхҩырақәа.
Абҳазоу иҳәеит асеиԥш зыҟалаз жәаҩыла Аԥсны ашәҟыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи анышә иахьамадоу апантеон хылаԥшра ахьамам азы ауп ҳәа.
"Акырҵуеит апантеон уаҩ дахыламԥшуеижьҭеи. Асовет аамҭақәа рзы уа аҵакыра иахылаԥшуаз ахьчацәа ыҟан. Аибашьра ашьҭахь апантеон гәыгәҭажьуп", - иҳәеит иара.
Аҟәатәи ашьхаҿы атәыла иналукааша ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рпантеон аартын 1965 шықәсазы. Раԥхьа ара анышә дамардеит Гәылрыԥшь араион апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩ Григори Ԥлиа. Апантеон аҿы анышә иамадоуп еицырдыруа ареспублика ауааԥсыра: ашәҟәыҩҩцәа Қьаазым Агәмаа, Иван Ҭарба, актриса Минадора Зыхәԥҳа, актиор Шәарах Ԥачалиа, аҵарауаҩ Михаил Ҭраԥшь уҳәа ирацәаҩны. Иахьазы апантеон аркуп.