Аԥсны

Кәыдрытәи абааш аӡы иахьҵнаӡәӡәаауа иахҟьаны иаҳцәыӡыр алшоит

Кәыдрытәи абааш иаԥну аӡыҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥысуан 2017 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik. Очамчыра араион Аҭара ақыҭан иҟоу Кәыдрытәи абааш аӡы иахьҵнаӡәӡәаауа иахҟьаны иаҳцәыӡыр алшоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар.
Мчыбжьқәак раԥхьа аҟазауаа аӡы аҟәара ангәарҭоз ирбеит ааԥынтәи аӡхыҵра абааш мрагыларатәи аҭӡы шҵнаӡәӡәааз.

"2017 шықәсазы Кәыдрытәи абааш иаԥну аӡыҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥысуан, усҟангьы аҭагылазаашьа акыр ишәарҭаны иҟан. Абааш еилаҳар ауан. Имҩаԥыргаз аусурақәа хәбаҟа шықәса иазхон", - иҳәеит Дбар.

Иара иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьа ари ауадаҩрахь уеиҭашазхьанарԥшуа.
"Ааигәа абри аҩыза ахҭыс аҭыԥ аман Аԥсуа ҭӡы аҟынгьы. Кьылашәыр аӡхықә иазааигәаз аҭӡы абаашқәа руак ахь иахьа узнеиуам. Иара аӡы иқәнагеит", - иҳәеит Дбар.
Арадио
Габелиа Иури Воронов изы: раԥхьаӡа Аԥсуа Баагәара ду шьапыла иахысыз иоуп
Аеколог иазгәеиҭеит аҭоурых-рхитектуратә ҭынха абаҟақәа ргәаҭара шхымԥадатәиу, избанзар урҭ знык иаҳцәыӡыр реиҭашьақәыргылара алшаӡом.
Ишәарҭаны иҟоуп Кындыӷ ақыҭаҿ игылоу Генуезтәи абааш Сан-Тамаса.
" XIII ашәышықәса иатәу ари абааш амшын аԥшаҳәа аҿҟьараҿ ихықәгылоуп. Аилаҳарагьы аамҭа амгар ҟалап", - иҳәеит Роман Дбар.
Иара игәаанагарала аҭоурыхтә ҭынха абаҟақәа реиқәырхараз хаҭалатәи аԥшьгамҭақәа рықәгәыӷра акәымкәа еизаку ауснагӡала еиҿкаатәуп аҳәынҭқарратә ҩаӡарала. Абаҟақәа рҭагылазаашьа ҭҵааны, нас урҭ реиқәырхаразы аусурақәа ирылагатәуп.
Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп
Акультура аминистрраҟны Sputnik иазеиҭарҳәеит аҭагылазаашьа атәы шырдыруа. Аха аусбарҭа иамам алшара аҵак ду змоу абаҟа еиқәнархартә аиԥш.
"Абаҟа ҳцәыӡыр, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррагьы аҵакы аиуам, избанзар Аҭара ақыҭаҿы Кәыдрытәи абааш аиԥш аҵакы змоу баҟа ыҟам. Аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Абааш 40-50 метра иҳараку аҿҟьарра ихықәгылоуп. Уажәы иара Кәыдры аӡы иҵнаӡәӡәаауеит. Аминистрра иамам атехника ҷыда асеиԥш аусурақәа рымҩаԥгаразы. Ҳара иҳалшаз адрон ахархәарала абаа аргылара ҭыхны ҳнапхгара рызнагароуп. Акультура аминистрра ашәҟәы азнархиеит аԥыза-министр ихьӡала. Ҳәарада ацхыраара ҳҭахуп аҟәара арӷәӷәаразы. Ҳгәыӷуеит цхыраарада ҳанхарым ҳәа" - иҳәеит Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха адепартамент аиҳабы Шандор Ҟаитан.
Иара иҳәеит абааш иҭҵаатәу археологиатә материал ду шагәылаҵәаху. Аха иахьазы иара еиқәырхатәуп. Уи азы аԥаразоужьра ахәҭаны иҟоуп.
Арадио
Ҟаитан Кәыдрытәи абааҿы аԥшаарақәа ирызкны: аматериал даара аинтерес аҵоуп