Аԥсны

Шәача имҩаԥысуаз самбо азы аицлабра аҟны аԥсуа спортсменцәа аԥхьахәқәа ргеит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира аҳаҭыраз Шәача Самбо азы иаарту Ачемпионат мҩаԥысит лаҵара 9 азы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Шәача имҩаԥысуаз самбо азы аицлабра аҟны аԥсуа спортсменцәа аԥхьахәқәа ргеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны адзиудои асамбои рзы Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ Андреи Погосов.
Зыкапан 98 кьыла иҟоу рыбжьара афинал аҟны еиқәшәеит аԥсуа спортсменцәа Инал Гадлиеи Саид Адлеибеи.

"Еиҳа иқәҿиеит Саид Адлеиба, иара Ачемпионат дачемпионхеит", - иҳәеит Погосов.

Зыкапан 73 кьыла иҟоу рыбжьара еиндаҭлоз рахьтә араӡны игеит гагратәи аспортсмен Артем Хатамиан.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира аҳаҭыраз Шәача Самбо азы иаарту Ачемпионат мҩаԥысит лаҵара 9 азы. Аицлабра иалахәын 145-ҩык аспортсменцәа.