Аинтеллектуалтә хәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" алахәыла Ровшан Аскеров иԥшаара рыларҳәеит

Аскеров иганахьала Урыстәыла ашьаус хацыркуп анацизм аиҭарҿиараз.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Аинтеллектуалтә хәмарра "Иарбан? Иаба? Ианба?" алахәыла Ровшан Аскеров ишьҭоуп Урыстәыла ААР аусбарҭақәа ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Иԥшаара зхарыларҳәаз ашьаустә хәҭаҷ арбану азгәаҭам.
Уаанӡа Аскеров иганахьала Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы анацизм аиҭарҿиаразы ашьаус хацнаркит (УА АЗ ахә.354.1. ахәҭа 4).
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, мшаԥы 6 рзы изышьҭоу ауаҩы асоциалтә ҳақәа рҿы Асовет Еидгыла Афырхаҵа Георги Жуков иаҳаҭар лазырҟәуаз анҵамҭақәа ҟаиҵеит.
Аскеров Урыстәыла нижьхьеит, аинтеллектуалтә хәмаррагьы акыраамҭа далахәым ҳәа амаҵзура иазеиҭеиҳәеит апрограмма аҭыжьҩы-еилахәыра апресс-маҵзура анапхгаҩы.