Apple аплеерқәа iPod рҭыжьра иаҟәыҵуеит

Хәажәкырамзазы Apple аалыҵқәа ҩба - iPhone SE, AirPods рҭыжьра аркьаҿит агеополитикатә ҭагылазаашьеи аинфлиациеи ирхырҟьаны ахархәаратә ҭахрақәа ахьылаҟәыз азы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Apple 2000 шықәсазы излагаз амузыкатә плеерқәа iPod рҭыжьра иаҟәыҵуеит ҳәаа ҳәоит аилахәыра апресс-релиз аҿы.

"20 шықәса раԥхьа ианцәырҵыз инаркны iPod адунеи зегьы аҿы ахархәаҩцәа бзиа ибаны ирыдыркылеит. Иахьа амузыкатә библиотека ахархәара алдыршоит Apple аалыҵқәа зегьы: iPhone, Apple Watch инадыркны iPad, Mac рҟынӡа. 90 миллион ашәеи 30 000 сиеи Apple Music ала рыԥшаара ауеит", - иҳәеит аилахәыра ахада ихаҭыԥуаҩ Грег Џьосвиак (Greg Joswiak).

Арелиз аҿы иазгәаҭоуп ацҵа Apple Music абжьы еиҳа еиӷьны агара шалнаршо.
Аахәаҩцәа ирылшоит iPod Touch аахәара apple.com асаит аҿы, Apple Store адәқьанқәеи Apple аиҭаҭиҩцәа рҿы атауар ыҟанаҵ.
Apple – америкатәи еилахәыроуп, ишьаҭаркын 1976 шықәсазы, акомпиутерқәеи аифонқәеи инадыркны "иҟышу" асааҭқәа рҟынӡа ҭнажьуеит.
Урыстәыла аҭыжьыҩцәа рзин змам аимпорт тауарқәа рсиа шьақәдыргылеит