Аԥсны

Аԥсны ААР ДЖәР Ареспублика амшныҳәа аҳаҭыраз адныҳәаларатә шәҟәы рзынарышьҭит

Аашықәса раԥхьа, 2014 шықәса лаҵара 11 рзы Донецктәи Жәлар Рреспублика шьаҭаркын.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Донецктәи Жәлар Рреспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инанашьҭит ареспублика амшныҳәа аҳаҭыраз адныҳәаларатә шәҟәы ҳәа аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа асаит.

"Ари амш аҳәынҭқарратә ныҳәақәа ируакуп, ажәлар ракзаара иашьаноуп. Иара еиднакылоит апатриотизм ахә ҳаракны изшьо, Аԥсадгьыл бзиа избо ареспублика ауааԥсыра зегьы", - ҳәа адныҳәалара атекст аҿы ҷыдала иазгәаҭоуп.

Агәрагара аадырԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлар Рреспубликеи рыбжьара аусеицура аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы ринтересқәа ишақәшәо.
2014 шықәса лаҵара 11 раахыс Донецктәи Жәлар Рреспублика ашьаҭаркра азгәарҭоит. Аашықәса рышьҭахь ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымра азханаҵеит Урыстәыла, уи инашьҭарххны – Аԥсны.