Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс ихацнаркуеит аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа аԥсуа бызшәа иазку илекциақәа. Актәи алекциа темас иамоуп "Аԥсуа бызшәа – ажәлар рҭоурых аҭҵаараҿы ижәытәӡоу ахыҵхырҭа".
Аҭоурыхҭҵааҩ далацәажәеит аԥсшәа ацәырҵразы иҟоу агәаанагарақәа ртәы. Уи авариантқәа руак ҿырԥштәыс иааигеит. Абри инаҷыданы далацәажәеит ажәақәак рхылҵшьҭра, иаҳҳәап, ажәа "шамахамзар" ахьынтәиаауа, насгьы уи зхырҳәааз атәы. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.