Арадио

Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит ауниверситет хәыда-ԥсада аҭаларазы сынтәа лшарақәас иҟоу

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ԥышәарак ала аҭаларазы сынтәа лшарақәас иҟоу ртәы еиҭалҳәеит ААУ афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьалԥҳа.
Sputnik
Ҳазҭоу амчыбжь лаҵара 13 инаркны 15 рҟынӡа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧгахоит ашколқәа раушьҭымҭацәа рзы аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа".
"Ауниверситет аҟны афакультетқәа ахьырацәоу ҳасаб рзуны 37 хырхарҭала имҩаԥгахоит аолимпиада ихадоу амаҭәарқәа рыла. Аԥхын ауниверситет ахь адкыларатә ԥышәарақәа раан хԥа-хԥа ԥышәара рҭиир ауп. Араҟа алшара рымоуп ԥышәарак ала аҭалара. Иаҳҳәозар, абиуџьеттә ҭыԥқәа ртәы, афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи азанааҭ иаԥсыуам ашколқәа рҟны, аиҭага атеориа акультуратә еимадарақәа рҟны, ажурналистика аҟәшаҟны, убасгьы егьырҭ арҵаҩратә занааҭқәа рҟны абиуџьеттә ҭыԥқәа ыҟоуп. Урҭ иаҳа ирацәоуп егьырҭ афакультетқәа рҟны аасҭа. Иаагозар, азиндырратә, аекономикатә, абиохимиатә факультетқәа рҟны хԥа-хԥа ҭыԥ ыҟоуп, аха урҭ рҟынтәи ҭыԥк-ҭыԥк ҳарҭеит аолимпиада азы. Иара абаллтә системалоуп ишымҩаԥааго, ус анакәха, 100 баллк рҟынӡа зауа хәыда-ԥсада дҭалар илшоит зыӡбахә сҳәаз азанааҭқәа рыҟны", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.