Апоет иҩызцәеи иареи: Баграт Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса ҵит

Лаҵара 12 азы Аԥсны иазгәарҭуеит Аԥсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгеиеи Жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диижьҭеи 105 шықәса аҵра.
Sputnik
Баграт Шьынқәба иԥсҭазаара далҵит жәабран 25 2004 шықәсазы, 86 шықәса дшырҭагылаз. Иԥсҭазаара зегьы ижәлари иԥсадгьыли ирзикит, аԥсуа литература иазынижьит хәызмаҵам аԥҵамҭа ссирқәа, ихәҭаа ду алигалеит аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы.
Баграт Уаси-иԥа Шьынқәба асовет аамҭақәа рызгьы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи азы дықәгылон, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахыҵхарҭаҿ дгылан. Иара аԥсуа литература даҽа ҩаӡарак аҟынӡа ишьҭихит, иҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" адунеи 22 бызшәа рахь еиҭагоуп.
Sputnik афотосахьақәа рыҟны иаарԥшуп здаҟам аҭоурых зныԥшуа Баграт Шьынқәбеи еицырдыруа иҩызцәа нагақәеи рфотоқәа: Александр Твардовски, Константин Симонов, Расул Гамзатов, Михаил Шолохов.
1 / 14

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан акыр зхыҵуа Аҷандарҵла амҵан.

2 / 14

Баграт Шьынқәба (арӷьарала аҵкараҿ итәоу) Џьгьарда абжьартә школ аҟны аҵара аниҵоз.

3 / 14

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәбеи чилиатәи апоет Пабло Нерудеи, 1957 ш.

4 / 14

1958 шықәса жәабранмза инаркны Баграт Шьынқәба Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩыс дыҟан.

5 / 14

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Никита Хрушьев, Фидель Кастро, Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан.

6 / 14

Армарахьтәи арӷьарахь: Александр Твардовски, Константин Симонов, Баграт Шьынқәба, Агәыӡера аҳаблан.

7 / 14

Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба Ҷлоу ақыҭан абыргцәа рыгәҭа.

8 / 14

СССР Жәлар рдепутатцәа: Владислав Арӡынба, Алексеи Гогәуа, Баграт Шьынқәба, Руслан Аршба.

9 / 14

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиеи Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәбеи, 50-тәи ашықәсқәа рзы.

10 / 14

Баграт Шьынқәба Гете иҩны Веимар, Германиа, 1986 шықәсазы.

11 / 14

Баграт Шьынқәбеи Расул Гамзатови, 80-тәи ашықәсқәа.

12 / 14

Баграт Шьынқәба иҭыҭынжәга дахо, Константин Симонов иирбоит акартош шыдрашәо.

13 / 14

Баграт Шьынқәба, Михаил Шолохов, Валериан Кобахиа.

14 / 14

Баграта Шьынқәба ахаҳәеҩса дадгыланы.